Владимир Зеленски - Ҟрымтәи аплатформа егьырҭ адипломатиатә платформақәа ршьаҭаркра ахылҵроуп, аҵакырадгьылқәа рдеоккупациа ҟалароуп, Приднестровиеи Аԥсни уахь иналаҵаны
Владимир Зеленски - Ҟрымтәи аплатформа егьырҭ адипломатиатә платформақәа ршьаҭаркра ахылҵроуп, аҵакырадгьылқәа рдеоккупациа ҟалароуп, Приднестровиеи Аԥсни уахь иналаҵаны

Ҟрым ихақәиҭтәуп, уи ашьҭахь адунеи аҿы аибашьра шыҟам еилыркаауеит, адунеи иаҳа ишәарҭам ҳәа иԥхьаӡахоит, – иҳәеит Украина ахада Владимир Зеленски Хорватиа аҳҭнықалақь, Загреб имҩаԥысуа Ҟрымтәи жәларбжьаратәи аплатформа актәи апарламенттә ассамблеиа аҿы данықәгылоз.

Зеленски ишазгәеиҭаз ала, 2014 шықәсазы, Урыстәыла ахатә агрессиа аналага, ари Ҟрым ҟалеит.

Украина ахада иажәақәа рыла, Ҟрым ахынҳәра Украина абзахара шалагаз аанарԥшуеит, Украина асимволика илегитиму аҭыԥ – Ҟрым ахь аныхынҳәуа ашьҭахь.

Украина ахада Владимир Зеленски Хорватиа аҳҭнықалақь, Загреб имҩаԥысуа Ҟрымтәи жәларбжьаратәи аплатформа актәи апарламенттә ассамблеиа аҿы данықәгылоз ишазгәеиҭаз ала, 2014 шықәса инаркны аетникатәии арелигиатәи дыргақла ауаа рнырҵәара иахьаҿу  Европаҿ ҭыԥ заҵәык Ҟрым ауп.

Ҟрымтәи жәларбжьаратәи аплатформа актәи апарламенттә сессиа Хорватиа иахьа иалагеит. Асаммит иаалхәуп Қырттәыла апарламенттә делеагциагьы.