Владимир Зеленски -  Ишеилаҳкааз ала, ари азҵаара  Украина аҽалархәрада иахәаҧшуеит, ишубарҭоу ала, НАТО алахәылацәа Украина адкылара акәымкәа, Алиансахь  ааҧхьара аҭарагьы  иазыхиам
Владимир Зеленски -  Ишеилаҳкааз ала, ари азҵаара  Украина аҽалархәрада иахәаҧшуеит, ишубарҭоу ала, НАТО алахәылацәа Украина адкылара акәымкәа, Алиансахь  ааҧхьара аҭарагьы  иазыхиам

   «Ишеилаҳкааз ала, ари азҵаара  Украина аҽалархәрада иахәаҧшуеит, ишубарҭоу ала, НАТО алахәылацәа Украина адкылара акәымкәа, Алиансахь ааҧхьара аҭарагьы  иазыхиам», — иҩит Украина ахада Владимир Зеленски  Telegram аҿы.

«Украина  Вильниус имҩаҧысуа НАТО асаммит иалахәызаауеит, избанзар, уи аҳаҭырқәҵара иадыргоуп. Уажәы, Вильниусҟа амҩа ҳшықәу, ишеилаҳкааз ала,   ари азҵаара  Украина аҽалархәрада иахәаҧшуеит, ишубарҭоу ала, НАТО алахәылацәа Украина адкылара акәымкәа, Алиансахь ааҧхьара аҭарагьы  иазыхиам», — иҳәеит  Зеленски.

Украина ахада игәаанагарала,  Украина ааҧхьара анарҭо,  мамзаргьы Алиансахь  ианрыдыркыло арыцхәгьы иалацәажәом,  уи ацынхәрас, Украина  ааҧхьара аҭаразы аформулировка иашьҭоуп,   уи ухахьы иузаагом,  уи абсурдуп.

Уи иаанагоит Урыстәылаҟны аиҿцәажәарақәа раан НАТО ашҟа Украина алалара азҵаарала  ахәаахәҭра алшара иҟоуп ҳәа. Урыстәыла   наҟ-наҟгьы атеррор анагӡаразы агәызҭаҵага аиуеит», — иҳәеит  Зеленски.

Украина ахада ишиҳәаз ала,  асаммитаҿ ари азҵаара далацәажәоит.