Владимир Зеленски – Донецктәи атәылаҿацә аҿы Украина Атәылахьчаратә мчқәа ҩыџьа китаитәи аруаа итҟәаны иргеит
«Донецктәи атәылаҿацә аҿы Украина Атәылахьчаратә мчқәа ҩыџьа китаитәи аруаа итҟәаны иргеит», — иҳәеит Украина ахада Владимир Зеленски Бельгиа аҧыза-министр Барт де Вевери иареи еицымҩаҧыргаз апрессконференциаҿы.
Зеленски иҳәамҭала, ари азҵаара аҵакы ду амоуп, апартниорцәеи иареи уи иалацәажәароуп.
«Британиеи Германтәылеи Америка иадҳәаланы адырра ҳарҭеит. Уи ҳдыруан, дара «Рамштаин» аилатәара рхы аладмырхәыр рылшоит. Аха, американцәеи ҳареи ҳазлацәажәаша иҟоуп ҳәа сгәы иаанагоит. Иахьатәи ахҭыс ашьҭахь ргәаанагара рыҧсахып ҳәа ҳгәыҕуеит. Ҳара Украина аҵакырадгьылаҿ китаитәи аруаа атҟәара иаҳгеит. Донецктәи атәылаҿацә аҿы украинаа фҩык акитаицәа рабашьуан. Ҩыџьа атҟәара иаҳгеит. Рдокументқәа ҳамоуп, рпаспортқәа ҳамоуп, ркредиттә картақәагьы ҳамоуп. Дара Китаи иатәылауаауп. Ирани, Сириеи, Аҩадатәи Кореиеи инарываргыланы, ари атәылагьы Урыстәыла иадгыланы иҳабашьуеит. Аха, араҟа аиҧшымрак иҟоуп: Аҩадатәи Кореиа атәылауаа Курсктәи ахырхарҭаҿ иаҳҿагыланы еибашьуан. Китаиаа Украина аҵакырадгьылаҿ иҳабашьуеит», — иҳәеит Владимир Зеленски.