Владимир Зеленски – Беларус  Украина иаҿагыланы аибашьра аҽаланагалар, уи астратегиатә агхахоит
Владимир Зеленски – Беларус  Украина иаҿагыланы аибашьра аҽаланагалар, уи астратегиатә агхахоит

Украина ахада Владимир Зеленски иҳәамҭала,  Беларус  Украина иаҿагыланы аибашьра аҽаланагалар, уи астратегиатә агхахоит.

Зеленски иажәақәа рыла,  Урыстәылоуп абри аҩыза ахықәкы змоу.

Украина ахада ишиҳәаз ала, Украина иаҿагыланы имҩаҧысуа аибашьраҿы Беларус иаанарҧшуа апозициа ауп изхьыҧшу   наҟ-наҟ ацивилизациатә ҳәынҭқаррақәа рыгәҭа  ари атәыла иааннакыло аҭыҧ.

“Ишыҟазаалакгьы, ҳара ҳаигәылацәоуп. Беларус ҳрегион агеополитиказы анырра амоуп. Ари атәыла ҳареи Польшеи ҳгәылара иҟоуп. Убри аҟынтә, ҳрегион аҿгьы Европаҿгьы ашәарҭадара аганахьала аҵакы ду амоуп”, — иҳәеит  Зеленски.