Израильтәи аруаа рҳәамҭала, «Ҳезболла» Израиль ҩадахьтәи аганахьала ахыртҟәацқәа хҧа дәықәнаҵеит
Израильтәи аруаа рҳәамҭала, «Ҳезболла» Израиль ҩадахьтәи аганахьала ахыртҟәацқәа хҧа дәықәнаҵеит

Израильтәи аруаа рҳәамҭала, «Ҳезболла» Израиль ҩадахьтәи аганахьала ахыртҟәацқәа хҧа дәықәнаҵеит.

Дара рдыррақәа рыла, ахыртҟәацқәа каҳаит анхарҭатә пунктқәа  Шомереи  Шломии ирзааигәаны.

Иара убас, израильтәи аруаа рыррақәа рыла, дара Ливан иҟоу «Ҳезболла» аинфраструктура иаахеит.

Израиль атәылахьчаратә мчқәа рхаҭарнакцәа рҳәамҭала, атеррористтә гәыҧ анапхгаратә центр аганахьала акәаптә аахара мҩаҧган. Уаанӡа Израиль аҧыза-министр  Биниамин Нетаниахуи Израиль атәылахьчара аминистр Каци ишырҳәаз ала, израильтәи ажәылара мҩаҧган  «Ҳезболла» ала имҩаҧгаз ажәылара иаҭакны.