Владимир Зеленски 7 қалақьк рахь, Қарҭгьы нрылаҵаны,  ааҧхьара ҟаиҵеит -  Шәара  ҭынч шәымтәар, адәахьы шәдәылҵны, ҳақәҧара шәадгылар сҭахуп, избанзар, Украина каҳар, Европагьы каҳауеит
Владимир Зеленски 7 қалақьк рахь, Қарҭгьы нрылаҵаны,  ааҧхьара ҟаиҵеит -  Шәара  ҭынч шәымтәар, адәахьы шәдәылҵны, ҳақәҧара шәадгылар сҭахуп, избанзар, Украина каҳар, Европагьы каҳауеит

«Сажәа шәара, Европа ауааҧсыра ишәзыскыр сҭахуп.  Шәара  ҭынч шәымтәар, адәахьы шәдәылҵны, ҳақәҧара шәадгылар сҭахуп, избанзар, Украина каҳар, Европагьы каҳауеит», — иҳәеит Украина ахада Владимир Зеленски 7 қалақьк рахь иҟаиҵаз ааҧхьараҿы.

«Сара шәара шәахь ааҧхьара аҟаҵаразы 3 минуҭк сымоуп. Раҧхьа иргыланы, зыҧсадгьыл зхы ақәызҵаз, еиуеиҧшым араионқәеи ақалақьқәеи рҿы фырхаҵарала еибашьуаз ҳаруаа сгәаласыршәар сҭахуп, уахь иҟоу иалхымзааит.

Насгьы, ҳуааҧсыра, аҭынчуаа, аиҳабацәеи ахәыҷқәеи, жәаҩыла, шәҩыла ҳтәылауаа, зыҧсадгьыл зхы ақәызҵаз аҭынчуаа сгәаласыршәар сҭахуп. Даргьы минуҭтәи аҿымҭрала ҳгәалаҳаршәап. Иара убас, сықәгылара шәара, Европа ауааҧсыра ишәзыскыр сҭахуп.  Шәара  ҭынч шәымтәар, адәахьы шәдәылҵны, ҳақәҧара шәадгылар сҭахуп, избанзар, Украина каҳар, Европагьы каҳауеит, ҳара ҳкаҳар, шәаргьы шәкаҳауеит, иҟалозар, ҿымҭ шәымтәан,  адәахьы шәдәылҵны, иаҳа ирҕәҕәаны Украина шәадгыл.

Ҳара ҳаиааир, агәра ганы сыҟоуп ҳшаиааиуа, уи адемократиатә дунеи зегьы аиааирахоит, ҳхақәиҭра аиааирахоит, алашара аиааирахоит, ҳара Европа еиҧшҵәҟьа ашәҭыкакаҷра наҳагӡоит, абри аиаара ду ашьҭахь Европагьы ашәҭыкакаҷра нанагӡоит. Ахьӡ-аҧша амазааит Украина! Франкфурт, Прага, Братислава, Лион, Париж, Қарҭ, Вильниус, иахьа шәызынтәгьы украинаа шәоуп, убри азыҳәан ҭабуп ҳәа шәасҳәоит», — иҳәеит  Зеленский.