Владимир Путин  - Урыстәыла иазхаша акасеттә бомбақәа амоуп, иаҭаххар, ҳхы иаҳархәоит
Владимир Путин  - Урыстәыла иазхаша акасеттә бомбақәа амоуп, иаҭаххар, ҳхы иаҳархәоит

Урыстәыла иазхаша акасеттә бомбақәа амоуп, иаҭаххар, ҳхы иаҳархәоит, – иҳәеит Урыстәыла ахада Владимир Путин.

Путин ишазгәеиҭаз ала, Украина, Урыстәыла иаҿагыланы акасеттә бомбақәа рхы иадырхәар, Урыстәылагьы абри аҩызаҵәҟьа ашьаҿа ҟанаҵоит.

„Украина, Урыстәыла иаҿагыланы акасеттә бомбақәа рхы иадырхәар,  ҳәарада, ҳаргьы  абри аҩызаҵәҟьа ашьаҿа ҟаҳҵоит“, – иҳәеит Путин.

Украина Американтә акасеттә бомбақәа аиуит, аха, украинаа ажәа шьҭарҵеит абрҭ абомбақәа рхы ишадырхәо аҕа ируаа ахьгылоу аҭыҧқәа мацара рҿы.

Акасеттә аибашьыгақәа рхархәара иқәиҭымуп адунеи 100 иреиҳаны аҳәынҭқаррақәа рҿы.