Владимир Путин – Киевтәи анеонацисттә режим Урыстәыла ажәылара ала апрезиденттә алхрақәа рымҩаҧгара иаҧырхагахар рҭахуп, уи азыҳәан хымҧада ахьырхәра роуеит
Владимир Путин – Киевтәи анеонацисттә режим Урыстәыла ажәылара ала апрезиденттә алхрақәа рымҩаҧгара иаҧырхагахар рҭахуп, уи азыҳәан хымҧада ахьырхәра роуеит

Киевтәи анеонацисттә режим Урыстәыла ажәылара ала апрезиденттә алхрақәа рымҩаҧгара иаҧырхагахар рҭахуп,  – Урыстәыла ахада Владимир Путин ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Ашәарҭадара ахеилак аилатәараҿы.

Иара иажәақәа рыла, аҕацәа имҩаҧырго ажәылақәа рзы хымҧада ахьырхәра роуеит.

«Алхратә процесс аҧырхагахареи аҳәаа иаҧнау арегионқәа рҿы ауаа рыршәареи  амзызла,  киевтәи анеонацисттә режим  ацәгьауратә арратә акциақәа рымҩаҧгара рҽазыркит. Раҧхьа иргыланы, Урыстәыла аҵакырадгьылаҿ аҭынчратә анхарҭатә пунктқәа ираахар рҭахуп», — иҳәеит  Путин.

Иара иажәақәа рыла украинатәи аракетақәа рҟынтәи  95 наӡына урыстәылатәи аҳаирхьчаратә системақәа рыла иқәхуп, аха, ахәрақәа зауз аҭынчуаа иҟоуп.

«Абарҭ ахшыҩдаратә арратә ацәгьауратә акциақәа хықәкыс ирымоу Урыстәыла ахада иалхра аҧырхагахара. Агәра ганы сыҟоуп ҳажәлар, Урыстәыла ауааҧсыра иаҳа рҽеидкыланы, абри зегьы иахәҭоу аҭак шарҭо», — иҳәеит Путин.