Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа "рхьыԥшымра" иазхеиҵеит
Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа "рхьыԥшымра" иазхеиҵеит

Урыстәыла Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа “рхьыԥшымра” азханаҵеит.

Урыстәыла ахада Владимир Путин Ашәарҭаратә хеилак злахәыз аилатәара мҩаԥиган, инапы аҵаҩит Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа “рхьыԥшымра” азхаҵаразы Аусԥҟа.

Иара убас,  Владимир Путин Донецки Лугански рреспубликақәа “рхадацәа” Денис Пушилини Леонид Пасечники рны аиҩызареи ацхыраареи ирызку аиқәшаҳаҭр ибжьаиҵеит.