„Вивамеди“ апенитенциартә усбарҭахь аҳәара ҟанаҵеит Саакашвили ахәышәтәырҭаҿ иҟазаара ахәҭазаара иахәаҧшырц, избанзар, апациент дыззықәшаҳаҭу аҽыхәышәтәра  иарбанызаалак даҽа усбарҭак аҿгьы имҩаҧгазар ауеит
„Вивамеди“ апенитенциартә усбарҭахь аҳәара ҟанаҵеит Саакашвили ахәышәтәырҭаҿ иҟазаара ахәҭазаара иахәаҧшырц, избанзар, апациент дыззықәшаҳаҭу аҽыхәышәтәра  иарбанызаалак даҽа усбарҭак аҿгьы имҩаҧгазар ауеит

Апенитенциартә усбарҭа медицинатә маҵзурахьы аҳәара ҟаҳҵоит апациент Саакашвили  ахәышәтәырҭаҿ иҟазаара ахәҭазаара иахәаҧшырц, избанзар, апациент дыззықәшаҳаҭу аҽыхәышәтәра  иарбанызаалак даҽа усбарҭак аҿгьы имҩаҧгазар ауеит, – иануп аклиника  „Вивамеди“ аҳәамҭаҿы.

Уаҟа ишану ала,  апациент Саакашвили аклиника  „Вивамеди“ дҭоуп  2022 шықәса лаҵара 12 инаркны.

„Апациент амедицинатә гәаҭарақәа зегьы изымҩаҧгоуп, адиагноз изышьақәыргылоуп, ихәышәтәра асхема еиқәыршәоуп.

Зыӡбахәы ҳәоу аамҭа иалагӡаны, ҳара иҳалшоз ала апациент ибжьаагон аҽыхәшәтәра акурс наӡа дахысырц, жьҭааранӡа хәыҷык ҳҳәатәы ҳаиҵон, усҟан игәабзиара аҭагылазаашьа еиҕьхеит.  Иҳаҩсыз ашықәс жьҭаара инаркны  апациент аҽыхәшәтәразы мап икуеит.  Иарбанызаалак препаратк ишизеиҕьхаз инибалак, уи адкылара даҟәыҵуеит.

Убри аҟынтә, аҵыхәтәантәи амзазы апациент  асимптомтә хәышәтәра мацара изымҩаҧыргоит, иара амедперсонал рыгәра игом, рҳәатәы хеиҵом, изеиқәыршәоу асхемала аҽыхәшәтәразы мап икит.

Убри амшала, амедицинатә центр  „Вивамеди“,  арепутациатә ааха ҕәҕәа аиуеит, ҳара, иааҧҵәаны уи ҳзақәшаҳаҭхом. Амедицинатә етика инақәыршәаны, амедперсонал мчыла аӡәгьы дырзыхәшәтәуам.

Абри аҭагылазаашьа иазҧхьагәаҭаны,  Апенитенциартә усбарҭа медицинатә маҵзурахьы аҳәара ҟаҳҵоит апациент Саакашвили  ахәышәтәырҭа „Вивамеди“ аҿы иҟазаара ахәҭазаара иахәаҧшырц, избанзар, апациент дыззықәшаҳаҭу аҽыхәышәтәра  иарбанызаалак даҽа усбарҭак аҿгьы имҩаҧгазар ауеит“, – иануп аҳәамҭаҿы.