Вахтанг Гомелаури – Адунеи зехьынџьара, иарбанызаалак атәылаҿ  аполициа аусзуҩ иқәлара ҟалом, хәажәкыра  7-8 имҩаҧгаз акциақәа раан  60ҩык аполициа аусзуҩцәа аахақәа роуит
Вахтанг Гомелаури – Адунеи зехьынџьара, иарбанызаалак атәылаҿ  аполициа аусзуҩ иқәлара ҟалом, хәажәкыра  7-8 имҩаҧгаз акциақәа раан  60ҩык аполициа аусзуҩцәа аахақәа роуит

«Адунеи зехьынџьара, иарбанызаалак атәылаҿ  аполициа аусзуҩ иқәлара ҟалом,», — иҳәеит аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр  Вахтанг Гомелаури апарламентаҿ данықәгылоз.

Вахтанг Гомелаури ишазгәеиҭаз ала,  жәахәкыра  7-8 имҩаҧгаз акциақәа раан  60ҩык аполициа аусзуҩцәа аахақәа роуит.

«Аполициатә гәыҧқәа апарламент аҭыҵырҭақәа рыхьчон. Асааҭ 21:00 рзы, Қырҭтәыла апарламент аҧхьа еизаз ауааҧсыра аполициа аусзуҩцәа рахь агрессиа аадырҧшуа иалагеит, цәгьала ирацәҳауан, ирақәҧон, иржәылон», — иҳәеит  Вахтанг Гомелаури.