Вахтанг Гомелаури -  Абас гәымбылџьбарала ажурналистцәа рықәлара ҟалоит ҳәа ҳхахьы иаҳзаагомызт, уи аҳәынҭқарразы амчылароуп
Вахтанг Гомелаури -  Абас гәымбылџьбарала ажурналистцәа рықәлара ҟалоит ҳәа ҳхахьы иаҳзаагомызт, уи аҳәынҭқарразы амчылароуп

«Абас гәымбылџьбарала ажурналистцәа рықәлара ҟалоит ҳәа ҳхахьы иаҳзаагомызт», — иҳәеит аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Вахтанг Гомелаури рашәара 5 рзы арадикалтә гәыҧқәа рыла ажурналистцәа рықәлара афакт даналацәажәоз.

Аминистр ажурналистцәа рзы амчылара дақәыӡбит.

«Ихьанҭаӡоу ахҭыс ҟалеит, абарҭ афактқәа даараӡа ицәгьоуп. Сара  27 шықәса амчтә структурақәа рҿы аус зуеит,  9 шықәса амаҵзураҭыҧ дуқәа рҿы. Сара абри аҩыза афакт сгәалашәом.  Ажурналистцәа рзы амчылара  —  ихьанҭаӡоу хҭысуп, уи аҳәынҭқарразы амчылара ауп иаанаго.  Уамашәа иубаша,  абарҭ афактқәа зегьы заанаҵы еиҿкаазшәа угәы иабаратәы иҟоуп, иаалырҟьаны, активла, еиуеиҧшым аҭыҧқәа рҿы ажурналистцәа ирықәлеит, уи иџьоушьаратәы иҟоуп,  ҳара абри ахырхарҭалагьы аус аауеит.   15-16ҩык аанаҳкылахьеит, аха, уи аҿы ҳаангылоум.  Иҭҵаатәу  аматериалқәа рацәоуп», — иҳәеит Гомелаури.