The Washington Post – Аҩадаатлантикатә алианс иалоу аҳәынҭқаррақәа ишырыӡбаз ала, ҧхынгәы 11 -12 рзы Вильниус имҩаҧысуа асаммитаҿ Украина НАТО алаларазы аофициалтә ааҧхьара аиуам
The Washington Post – Аҩадаатлантикатә алианс иалоу аҳәынҭқаррақәа ишырыӡбаз ала, ҧхынгәы 11 -12 рзы Вильниус имҩаҧысуа асаммитаҿ Украина НАТО алаларазы аофициалтә ааҧхьара аиуам

«Аҩадаатлантикатә алианс иалоу аҳәынҭқаррақәа ишырыӡбаз ала, ҧхынгәы 11 -12 рзы Вильниус имҩаҧысуа асаммитаҿ Украина НАТО алаларазы аофициалтә ааҧхьара аиуам», — аанацҳаит  The Washington Post.

Аҭыжьымҭа адыррала, аблок иалоу аҳәынҭқаррақәа Украина Алианс алалара азҵааразы рҳәатәы еиқәшәом.

The Washington Post ишану ала, НАТО ашҟа Украина алалара азҵаара иаҳа активла алацәажәара иалагеит.  Мрагыларатә Европа атәылақәа ари азҵааразы аконкреттә шьаҿақәа рыҟаҵара иақәшаҳаҭуп, Украина адкылара аҵыхәтәантәи аҿҳәара иадҳәаланы аҧхықәра агарагьы иналаҵаны.

«НАТО алахәылацәа, иаарту ашә аполитика алацәажәара мацара акәымкәа,  Алианс ашҟа Украина алалара амҩа ҳәаақәырҵароуп. Ҳаҧхьаҟа Украина НАТО ишалало азы  аӡбара рыдрымкылар, Вильниустәи асаммит аҭоурыхтә ҵакы аиуам», —илҳәеит НАТО аҿы Украина амиссиа анапхгаҩы Наталиа  Галибаренко.