„Сқаи ниус“ – Америка Урыстәыла аҵакырадгьылаҿ ажәылара ззырур рҭаху аҭыԥқәа аҧшыхәратә информациа Украина аҭара иаҟәыҵит
Америка Урыстәыла аҵакырадгьылаҿ ажәыларазы ахархәара заур зылшо аҧшыхәратә информациа Украина аҭара иаҟәыҵит, – „Сқаи ниус“ ари аинформациа аланарҵәеит украинатәи ахыҵҵырҭақәа шьаҭас иҟаҵаны.
Киев ишырҳәаз ала, аҧшыхәратә информациа аиҭныҧсахлара апроцесс аҵыхәанӡа иаанкылам.
Украина анапхгара ахаҭарнак иҳәамҭала, Украина уажәгьы Американтә аҧшыхәратә информациа аиуеит. Ари аинформациа рхы иадырхәар рылшоит Урыстәыла ала импыҵахалоу Украина аҵакырадгьылаҿ аурыс бџьармчқәа ржәыларазы.
Убри аамҭазы, Аҩны шкәакәаҿ иҟоу „Фоқс бизнес“ акорреспондент Едуард Лоуренс асоциалтә аҳаҿы ишиҩыз ала, Америка Аҧшыхәратә агентра хада анапхгаҩы Џьон Ратклиф ишьақәирҕәҕәеит Украина аҧшыхәратә информациа аҭара ишаҟәыҵыз.