Spiegel - Олаф Шольц  Китаи анапхгара дрыҳәеит Украина аибашьра ахыркәшаразы Урыстәылазы ирымоу анырра рхы иадырхәарц
Spiegel - Олаф Шольц  Китаи анапхгара дрыҳәеит Украина аибашьра ахыркәшаразы Урыстәылазы ирымоу анырра рхы иадырхәарц

Германтәыла аканцлер Олаф Шольц  Китаи анапхгара дрыҳәеит Украина аибашьра ахыркәшаразы Урыстәылазы ирымоу анырра рхы иадырхәарц. Ари атәы аанацҳаит анемец ҭыжьымҭа Spiegel.

Германтәыла аканцлер Китаи алидер  Си Цзиньпини  аҧыза-министр  Ли Кециани дырҧылеит.  Олаф Шольц  ишиҳәаз ала,  аиҧылара алахәылацәа иаҵшьны иазгәарҭеит Урыстәыла аган аҟынтә аиадертә шәарҭара ишаҿагыло.

Олафа Шольц иажәақәа рыла,  Китаи, ЕАР Ашәарҭадаратә хеилак иалахәып, убри аҟынтә, ари атәылагьы адунеиаҿ аҭынчразы аҭак аҧхықәуп.

Иара убас,  Олаф Шольц ишазгәеиҭаз ала, Украина имҩаҧысуа аибашьра иахылҵыз акризис аан арҭ аиҿцәажәрақәа аҵакы ду рымоуп.

«Украинаҟа урыстәылатәи аинтервенциа Европа зегьы аибашьра иҭанаргылеит. Абри аҩыза акризис аан арҭ аиҿцәажәарақәа аҵакы ҷыда рымоуп», — иҳәеит Шольц.