Шарль Мишель урыстәылатәи аруаа аибашьра аҟәыҵра рыбжьеиган, ишиҳаз ала, европатәи тәылақәак абри аҩыза аруаа аҽыҵәахырҭа рырҭоит
Шарль Мишель урыстәылатәи аруаа аибашьра аҟәыҵра рыбжьеиган, ишиҳаз ала, европатәи тәылақәак абри аҩыза аруаа аҽыҵәахырҭа рырҭоит

«Ҳара, Кремль иаҳа ақәыҕәҕәара амзызла,  асанкциақәа рырџьбаразы аӡбара ҳадаҳкылеит, асанкциақәа рывсра аҽазкра цыҧхьаӡа иаҧыхтәуп», — иҳәеит Европатәи Ахеилак ахада Шарль Мишель Европарламент аҿы данықәгылоз.

Иара иажәақәа рыла, Евроеидгыла урыстәылатәи агази анефҭи рзгьы асанкциақәа рышьақәыргылара рықәшәоит.

«Знымзар зны агази анефҭи рзгьы асанкциақәа рышьақәыргылара ҳақәшәоит ҳәа сгәы иаанагоит», — иҳәеит  Мишель.

Иара убас,  Шарль Мишель урыстәылатәи аруаа абџьар ашьҭаҵареи аибашьра аҟәыҵреи рыбжьеиган, ишиҳаз ала, европатәи тәылақәак абри аҩыза аруаа аҽыҵәахырҭагьы рыдаргалоит.