Шәамахьтәыла аоппозициаа акциа мҩаҧыргоит, аиҳабыратә хыбра аҩналарҭақәа зегьы иаркуп
Шәамахьтәыла аоппозициаа акциа мҩаҧыргоит, аиҳабыратә хыбра аҩналарҭақәа зегьы иаркуп

«Аҿагыларатә ҵысра» алахәылацәа Шәамахьтәыла аиҳабыра рхыбра аҧхьа акциа мҩаҧыргоит. Акциа алахәылацәа аиҳабыратә хыбра аҩналарҭақәа зегьы адыркит. Ари атәы аарыцҳаит шәамахьтәылатәи АИХ.

Аблок «Шәамахьтәыла» аҟынтә адепутат Ишҳан Саҕателиан акциа алахәылацәа дрыҳәеит азинхьчаҩцәа ирҿамгыларц.

Шәамахьтәылатәи аоппозициаа аиҳабыра рамхра аҳәарала акциақәа мҩаҧыргоит.