Шьалуа  Папуашвили – Жәларбжьаратәи ҳпартниорцәа ираҳҳәароуп иахәҭам акритика ацынхәрас, ашәарҭадара аганахьала иуадаҩӡоу аҭагылазаашьа алҵраҿы иҳацхрааны, иҳахәҭоу астатус ҳарҭарц
Шьалуа  Папуашвили – Жәларбжьаратәи ҳпартниорцәа ираҳҳәароуп иахәҭам акритика ацынхәрас, ашәарҭадара аганахьала иуадаҩӡоу аҭагылазаашьа алҵраҿы иҳацхрааны, иҳахәҭоу астатус ҳарҭарц

 

«Урыстәыла ала Украина аибашьра алагара амзызқәа данрылацәажәоз, мзызк ҳасабала  НАТО арҭбаара иадҳәаланы Қырҭтәыла аҧыза-министр иҟаиҵаз аҳәамҭа ииашам аилыркаара арҭеит», — иҩит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы «Твиттер» аҿы.

Иара иажәақәа рыла, Ҕарибашвили иҳәамҭа ииашаны еилкаатәуп.

«Қырҭтәыла аҧыза-министр ишиҳәаз ала, Урыстәыла ала Украина ажәылара амзызқәа иреиуп НАТО арҭбаара азҵаарагьы. Иракли Ҕарибашвили иажәақәа ииашамкәа еилкаан.  Сгәы ишаанаго ала, арегионалтәи жәларбжьаратәии шәарҭадара иадҳәаланы Қырҭтәыла ахатә позициа амоуп, ҳаҭыр зқәу Ҕарибашвили иажәақәа ииашаны еилкаатәуп.

Ҳҩызцәақәаки акритикцәеи ргәыҩбара гәҩарас иҟаҳҵаратәы амзыз ҳамоуп, избанзар, Қырҭтәыла изныкымкәа иишамкәа иазныҟәахьеит», — иҩит  Папуашвили.

Иара иажәақәа рыла, асоветтә аамҭақәа индыркны Қырҭтәыла ахьыҧшымра изныкымкәа ашәарҭара иҭагылан.

«Ҳара ҳҿы аибашьра аныҟаз,  атәым мчы ҳҵакырадгьылқәа импыҵахаланы ианыргоз, Мраҭашәара иахәҭоу ақәҿыҭра ҟарымҵеит.  2008 шықәсатәи аибашьра ашьҭахь мраҭашәаратә тәылақәа Қырҭтәыла бџьарла аиқәыршәаразы де-факто аембарго шьақәдыргылеит, хара имгакәа Урыстәылеи дареи реизыҟазаашьақәа реиҭахәаҧшра ишалаго аарыцҳаит. Анеҩстәи ашықәсқәа рзы Мраҭашәара Урыстәылаҟны ахәаахәҭра азнарҳаит, мраҭашәаратә економикақәа рацәа Урыстәыла аенергетикатә диктат аҵаҟа иҟалеит.  Мраҭашәаратәи атәылақәа рацәа иахьагьы импыҵахалоу ҳрегионқәа рҿы Урыстәыла ахымҩаҧгашьа иахәҭоу ахьӡ рзарҭом, уи ампыҵахалароуп ҳәа рзыҳәом», — иҩит  Папуашвили.

Иара иажәақәа рыла, Урыстәыла еиҭах Украина ианажәыла ашьҭахьоуп аҭагылазаашьа анҽаҧсаха. Қырҭтәыла мраҭашәаратә политика шымҩаҧнагогьы, Қырҭтәыла еснагь ахарарҵоит Урыстәылаҟа шәхыр рхоуп ҳәа. Қырҭтәыла,  Урыстәыла ахырхарҭала акыршықәса рыҩныҵҟа  изықәныҟәоз астратегиатә ачҳара аполитика нанагӡоит.

«Раҧхьа иргыланы иазгәасҭар сҭахуп, Қырҭтәыла иҟаз аибашьра уажәы Украина имҩаҧысуа агрессиа еиҧшҵәҟьа иџьбаран. Аха, усҟан, Мраҭашәара аурыс агрессиа иахәҭаз ақәҿыҭра арымҭеит.

Егьи аганахьала, Қырҭтәыла, ашәарҭадара аганахьала изакәызаалак гарантиак шамамгьы, еснагь игәыҕьны ак ҟаҳҵарц иҳабжьаргоит.

Ахҧатәи –  ҩганктәи асанкциақәа шьақәҳаргылом ҳәа анаҳҳәо, ҳпартниорцәақәак апрогматизм азы акритика ҳзыруеит. Ҳазынтәгьы ибзиаӡаны иаадыруеит Урыстәыла ҩ-ганктәи асанкциақәа азышьақәҳаргылар Қырҭтәыла аекономика азарал ду шаиуа, уи аамҭазы, Урыстәыла, фактла акгьы аныҧшуам. Аха, убри иаҭакны Урыстәыла иҟанаҵо ашьаҿақәа Қырҭтәыла аекономикеи ҳтәыла аҳәынҭқаррареи ҧырхага ду рзааргоит.

Атәылақәа рацәа, агхақәа рацәа шрымазгьы, уажәааны  НАТОи Евроеидгылеи ирылалан, агеополитикатә шәарҭадара роуит. Уажәы абарҭ атәылақәа Қырҭтәыла аҽазышәарақәа даараӡа иаргәамҵуеит.  Ҳара НАТОи Евроеидгылеи ралаларазы иҳалшаз зегьы шыҟаҳҵазгьы, Мраҭашәарантә иахәҭоу аҭак ҳмоуӡит. Ассоциациатә трио аҿы аҧхьагылара шҳамазгьы, ҵыҧх акандидат астатусгьы ҳарымҭеит.

Абри зегьы иазҧхьагәаҭаны, жәларбжьаратәи ҳпартниорцәа ираҳҳәароуп иахәҭам акритика ацынхәрас, ашәарҭадара аганахьала иуадаҩӡоу аҭагылазаашьа алҵраҿы иҳацхрааны, иҳахәҭоу астатус ҳарҭарц. 15 шықәса ҵуеит ампыл  Евроеидгылеи  НАТОи рнапаҿы иҟоижьҭеи», — иҩит  Шьалуа  Папуашвили.