Шьалуа Папуашвили – Лора Ҭорнтон мчыла аиҳабыра рыҧсахразы ааҧхьара ҟалҵоит, ҳуааҧсыра реиҳара рзы анырҵәара символс иҟалаз Маидан далацәажәоит
Адунеиаҿ агеополитикатә аиҭакра дуқәа анымҩаҧысуа аамҭазы, жәларбжьаратәи аҳақәак Қырҭтәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рҽалагалара нарыгӡоит, дара ҳтәылаҿ аилаҩынтәра аиҿкаареи алегитимтә еиҳабыра рыхҳәареи рҽазыркит, Маккеин иинститут ахаҭарнак Лора Ҭорнтон лстатиа уи ибзиаӡаны аанарҧшуеит, – иҩит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили асоциалтә аҳаҿы.
Иара иажәақәа рыла, Лора Ҭорнтон мчыла аиҳабыра рыҧсахразы ааҧхьара ҟалҵоит, ҳуааҧсыра реиҳара рзы анырҵәара символс иҟалаз Маидан далацәажәоит.
„Ҭорнтон еиқәлыршәаз «арбгара аинструкциа» — атәыла анапхгара рыхҳәара аидеологиа ауп. Уи аҧҵаҩцәа, Украина ишаҳбаз еиԥш, гәацԥыҳәарала ауаажәларрақәа иқәырхуеит, ауаа рыԥсҭазаара ԥсаҭатәыс иҟарҵоит, нас, рҽырҵәахуеит“,- иҩит Шьалуа Папуашвили асоциалтә аҳаҿы.
„Маккеин иинститут“ аглобалтә демократиа апрограммақәа рдиректор, Қырҭтәыла иҟаз NDI аофис ҧасатәи анапхгаҩы Лора Ҭорнтон лхатә шәҟәы аҟны иазгәалҭеит: „Аҟьамсар амгареи, абанк аусзуҩцәа рзабастовкеи, аидаратә машьынақәа рныҟәцаҩцәа аҩны раанхареи аекономика иашьхынҧсылон, „Ақырҭуа гәахәтәы“ рықәыҕәҕәара иаҳа иарҕәҕәон“.