Шьалуа Папуашвили  - Лабҿаба иубарҭахеит Урыстәыла-Украинатә еибашьра ианалага инаркны хышықәса рыҩныҵҟа Қырҭтәылеи Ҭырқәтәылеи реиҳабырақәа рпозициа шиашаз
Шьалуа Папуашвили  - Лабҿаба иубарҭахеит Урыстәыла-Украинатә еибашьра ианалага инаркны хышықәса рыҩныҵҟа Қырҭтәылеи Ҭырқәтәылеи реиҳабырақәа рпозициа шиашаз

Лабҿаба иубарҭахеит Урыстәыла-Укаинатә еибашьра ианалага инаркны хышықәса рыҩныҵҟа Қырҭтәылеи Ҭырқәтәылеи реиҳабырақәа рпозициа шиашаз, – иҳәеит Қырҭтәыла апарламент  ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили. Иара Узбекистан аҳҭнықалақьаҿ Ташкент визитла дыҟоуп.

Папуашвили ишиҳәаз ала, иара Ҭырқәтәыла апарламент ахантәаҩи аделегациа алахәылацәеи дырҧылеит.

„Даҽазнык рҧылара агәахәара ду сызцәырнагеит. Ҳара уаанӡагьы абри аҩыза аформатаҿ ҳаиҧылахьеит. Ҳәарада, арегион ашәарҭадареи Урыстәыла-Украинатә еибашьра ахыркәшара аперспективақәеи  ҳрылацәажәеит, араҟа Ҭырқәтәыла ароль ҷыда нанагӡоит, избанзар, арҭ азҵаарақәа рзы абжьацәажәара аҧышәа амоуп. Иара убас, иаҵшьны иазгәаҳҭеит ҳаиҳабырақәа рпозициа шиашаз, ҳара, раҧхьа иргыланы,  ҳтәылақәеи, ҳажәларқәеи, ҳрегиони ҳрызхәыцуан. Америка администрациа ҿыц ргәаанагара ҳаҳауеит.  Зегьы лабҿаба ирбеит Урыстәыла-Украинатә еибашьра ианалага инаркны хышықәса рыҩныҵҟа Қырҭтәылеи Ҭырқәтәылеи реиҳабырақәа рпозициа шиашаз“,- иҳәеит Шьалуа Папуашвили.

Иара иажәақәа рыла, аиҧылараҿы ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәагьы ирылацәажәеит.

Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвиил анапхгара ззиуа апарламенттә делегациа мшаҧы 5-8 рзы Ташкент имҩаҧысуа Апарламентбжьаратә еидгыла (IPU) 150-тәи ассамблеиа аусура рхы аладырхәоит.