Шьалуа Папуашвили - Бриуссель имҩаԥгаз аиԥыларақәа иаҳдырбеит Нато иаарту ашәқәа рполитика шымԥсаххо, ари Мадридтәи асаммит аҿгьы шьақәдырӷәӷәоит
Шьалуа Папуашвили - Бриуссель имҩаԥгаз аиԥыларақәа иаҳдырбеит Нато иаарту ашәқәа рполитика шымԥсаххо, ари Мадридтәи асаммит аҿгьы шьақәдырӷәӷәоит

Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили иҟаиҵаз аҳәамҭала, Бриуссель, Нато аштабуадаҿ аиԥыларақәа қәҿиарала мҩаԥган.

Папуашвили иажәақәа рыла, Бриуссель имҩаԥгаз аиԥыларақәа иаҳдырбеит Нато иаарту ашәқәа рполитика шымԥсаххо.

“Апарламент ахантәаҩы иаҳасаб ала ари раԥхьаӡатәи жәларбжьаратәи свизитын. Бриуссель, Нато аштабуадаҿ аиԥыларақәа қәҿиарала мҩаԥган. Нато амаӡаныҟәгаҩ хада ихаҭыԥуаҩ иҟны аиԥылара сыман, Натои Қыртәылеи ркомиссиаҿ сқәгылара алшара сыман, адискуссиагьы схы аласырхәит.

Арҭ аиԥыларақәа иаҳдырбеит Нато иаарту ашәқәа рполитика шымԥсаххо, ари аԥхын имҩаԥысран иҟоу Мадридтәи асаммит аҿгьы шьақәдырӷәӷәоит. Ари ада, Мадридтәи асаммит аҿы ирыдыркылан иҟоу Нато астратегиатә документ аус адулараҿ аҽалархәазы ажәалагала ҳауит,” – иҳәеит Папуашвили.