Шьалуа Папуашвили — Бриуссель адиалог иацәцоит, уи уамашәа иубаратәы иҟам, избанзар, рпозициа шьақәгылоуп адезинформациа ашьаҭала, аконструкциа ҧаршеи арбгара ҟалоит ииашоу жәак ала  
Шьалуа Папуашвили — Бриуссель адиалог иацәцоит, уи уамашәа иубаратәы иҟам, избанзар, рпозициа шьақәгылоуп адезинформациа ашьаҭала, аконструкциа ҧаршеи арбгара ҟалоит ииашоу жәак ала  

«Аиашареи аартызаареи пату рықәҵарада изакәызаалак  „Европа“ иҟам», — иҩит апарламент ахантәаҩы Шьалуа  Папуашвили асоциалтә аҳаҿы.

Иара иажәақәа рыла,  Брюссель адиалог иацәцоит.

«Бриуссель адиалог иацәцоит,  насгьы, дара ишырҳәо ала, зегьы реиҳа изыргәамҵуа азҵаарақәа рзгьы, уи уамашәа иубаратәы иҟам.

Уи мзызк ауп иамоу: упозициа адезинформациа ашьаҭа ианышьақәгыло, ибзиаӡаны иудыруеит раҧхьатәиҵәҟьа аргументтә аиҿцәажәараан ари аконструкциа ҧаршеи ишеихабго.

Аиашареи аартызаареи пату рықәҵарада изакәызаалак  „Европа“ иҟам», — иҩит  Папуашвили.

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ишаанацҳаз ала,  2025 шықәса абҵара 21 рзы Бриуссель имҩаҧысраны иҟаз ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара азҵааразы Қырҭтәылеи Евроеидгылеи рдиалог аиҧылара хырҧоуп европатәи аган аӡбарала.