Шьалуа  Папуашвили - Брюссель жәларбжьаратәи азин еиланагоит, ахатә ахьӡ ланарҟәоит, Қырҭтәыла иаҿагыланы ахьырхәреи ашантажи рхы иадырхәоит
Шьалуа  Папуашвили - Брюссель жәларбжьаратәи азин еиланагоит, ахатә ахьӡ ланарҟәоит, Қырҭтәыла иаҿагыланы ахьырхәреи ашантажи рхы иадырхәоит

«Фактла иуҳәозар, Бриуссельынтә иҳауз ашәҟәаҿы иазхаҵоуп адипломатиатәи амаҵзуратәи паспортқәа змоу ауаа рзы авизақәа раанкылара жәларбжьаратәи азини аиқәшаҳаҭрақәеи ишеиланаго», — иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.

Иара иажәақәа рыла, ашәҟәаҿы иануп Еврокомиссиа адипломатиатә паспортқәа рзы авизатә режим ашьақәыргылара иаҳәеит, избанзар, азеиҧш атәылауаҩратә паспортқәа рзы ишьақәыргылоу аҳәарақәа рашьашәалазаара гәарҭон, ҽакала иаҳҳәозар, авизатә режим алиберализациа иазку аӡбареи адипломатиатә паспортқәа рзы авизадатә режими изакәызаалак ак ала еидҳәалам.

«Брюссель иҳарҳәеит: Адгьыл ҟьаҟьоуп ҳәа шәҳәа. Мамзаргьы, ахаҵа дыҧҳәысхар илшоит ҳәа шәҳәа.  Брюссель иҳарҳәеит шәхьыҧшымра акгьы иаанагом ҳәа. Ахьыҧшымра азықәҧара акгьы иаанагом ҳәа.  Афинансыркра иазку аӡбарақәа маӡала Бриуссель ирыдыркылароуп ҳәа ҳарҳәеит.  Абри ауп иҳарҳәо. Абри зегьы аиуристтә ганахьала ишьақәдырҕәҕәар рҭахын. Иашьашәалоу азакәанқәа абри зегьы аҧыхроуп изызку», — иҳәеит  Шьалуа Папуашвили.

Ажурналист Папуашвили диазҵааит: Қырҭтәыла ауааҧсыра  иалырхуеи  — шәзакәанқәа ракәу Евроеидгылаҟны авизадатә режим акәу? — Папуашвили абас аҭак ҟаиҵеит:

«Абри ауп имцырку адилемма захьӡу».