Шьалуа Папуашвили - Атәым ҳәынҭқарра ақырҭуа медиа иажәылеит, уи фактуп, иахьа ҿызымҭуа, мамзаргьы Британиа Ду аиҳабыра рыӡбара иақәшаҳаҭу зегьы рыҧсадгьыл акәымкәа, атәым әҳынҭқарра иадгылоит
Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили ақырҭуа медиахархәагақәа асанкциақәа рзышьақәыргыларазы Британиа Ду аиҳабыра рыӡбара даналацәажәоз ишиҳәаз ала, «еиуеиҧшым иҳәынҭқарратәым амедиахархәагақәеи, акыршықәса ирылагӡаны миллионла аҧара зауаз, ажәа ахақәиҭра иазықәҧозшәа зхы аазырҧшуаз Кинҵурашвилии уи илеиҧшуи амедиа ахьчаҩцәеи иахьа ҿырҭуам».
Папуашвили иажәақәа рыла, атәым әҳынҭқарра ақырҭуа АИХқәа иржәылеит.
Как отметил он, те, кто сегодня молчит или поддерживает решение британского правительства, встают на сторону иностранного государства, а не собственной родины.
«Атәым ҳәынҭқарра ақырҭуа медиа иажәылеит, уи фактуп, иахьа ҿызымҭуа, мамзаргьы Британиа Ду аиҳабыра рыӡбара иақәшаҳаҭу зегьы рыҧсадгьыл акәымкәа, атәым әҳынҭқарра иадгылоит. Еиуеиҧшым иҳәынҭқарратәым амедиахархәагақәеи, акыршықәса ирылагӡаны миллионла аҧара зауаз, ажәа ахақәиҭра иазықәҧозшәа зхы аазырҧшуаз Кинҵурашвилии уи илеиҧшуи амедиа ахьчаҩцәеи иахьа ҿырҭуам. Уи ала лабҿаба иубарҭоуп атәым аҧарала Қырҭтәыла аҩныҵҟа ахәбатәи аколлона шаҧҵаз. Иахьа, атәым ҳәынҭқарра ақырҭуа медиа ианажәыло, амедиа ахьчаҩс зхы аазырҧшуаз ауааҧсыра ма аиҿкаарақәа жәакгьы рымҳәеит. Иахьа ҿызымҭуа, мамзаргьы Британиа Ду аиҳабыра рыӡбара иақәшаҳаҭу зегьы рыҧсадгьыл акәымкәа, атәым ҳәынҭқарра иадгылоит», — иҳәеит Папуашвили.