Шьалуа Папуашвили – Апсевдоидеологиа алазырҵәо Бриуссели уи аҟынтә аҧара зауа иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәеи рзыӡырҩра акәымкәа, 1700 шықәса ирылагӡаны ҳазхысыз аҭоурых ауп ҳазхәаҧшыша, — ҳуахәамеи уи ажәеи ҳазыӡырҩроуп
«Зехьынџьара абаланси агармониеи иҟазароуп, аҧарала еиуеиҧшым атәылақәа ирыдарцало алиберализм ҧаршеи аидеиа угәы ҧнажәаратәы иҟоуп», — иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.
Иара иажәақәа рыла, иахьа адунеи аҿыхара иаҿуп, уи еиҧш алшара ҟалеит Америка администрациа ҿыц абзоурала, избанзар, дара апсевдоидеологиақәа аҧара рзоушьҭра иаҟәыҵит.
«Ажәа амч ҕәҕәа амазар ауеит. Ауаҩы иҿагыларазы ахархәара амазар ауеит. Ҳара ҳзы аҧышәақәа шымҩаҧыргоз ҳбон. Ацәымаҕра, ауаа ржәылара шымҩаҧысуаз ҳбон, европатәи ацҳаражәҳәаҩцәақәак уи иадгылон. Егьырҭ ауаа бџьарла ирықәмақаруаз ахаҿқәа Бриуссель аҟынтәи аҧара шроуаз ҳбон. Абас ала ҳара ҳзы аҧышәақәа мҩаҧыргон. Ҳара ауаа шеибафоз ҳбон. Ҳпатриархгьы абри ауп ииҳәаз — зегьы цқьа еилыркаароуп ажәа ахақәиҭра акәызшәа, уи ацынхәрас ауаа рыҧсы нзырҵәо анырҵәаратә бџьар шҳарҭаз. Убри аҟынтә, апсевдоидеологиа алазырҵәо Бриуссели уи аҟынтә аҧара зауа иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәеи разыӡырҩра акәымкәа, 1700 шықәса ирылагӡаны ҳазхысыз аҭоурых ауп ҳазхәаҧшыша, — ҳуахәамеи уи ажәеи ҳазыӡырҩроуп», — иҳәеит Шьалуа Папуашвили.