Шьалуа Папуашвили - Адезинформациа алазырҵәо арадикалтә партиақәеи аиҿкаарақәеи рфинансркра иахҟьаны NED ахәымгаратә еиҿкаарас ҳаԥхьаӡар ҳалшоит
Адезинформациа алазырҵәо арадикалтә партиақәеи аиҿкаарақәеи рфинансркра иахҟьаны NED ахәымгаратә еиҿкаарас ҳаԥхьаӡар ҳалшоит, – асоциалтә каҭаҿы иҩит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.
“NED иазку азҵаара ЕАШ аҩныҵҟаполитикатә амш аусхәаԥштә ианалала ашьҭахь, ари аиҿкаара ацхыраарала Қырҭтәыла адетабилизациа алагара зҭахыз иҳгәалаҳаршәароуп.
2020-2021 шықәсқәа рзы ҭыԥ аман NED ақырҭуа политика аҽалагалара – зхы иақәиҭу аихқәас иԥхьаӡаз “ТВ Пирвели” афинансркра ала. Ари аканал арадикалтә партиа “Лелои” аолигарх Мамука Хазараӡеи иртәын, Хазараӡе адемократиатә мҩала иалхыз Қырҭтәыла аиҳабыра ахҳәара акәын хықәҟыс имаз.
Аҭыԥантәи халанапхгараҭарахь алхрақәа мҩаԥгаанӡа, NED афинансркра змаз “Тв Пирвели” Бачалиашвилии Шақарашвилии рыԥсра иазкыз апаника злаз (амцҳәаратә) усԥшаарақәа мҩаԥнагеит.
Иара убас, NED аканал ала, 2021 шықәса инаркны америкатә ԥара зауз иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа рыхьӡқәа рҳәара мап ацәнакит. Аҭыԥ рыман атәыла аҩныҵҟатәи аполитика аҽалагалара афактқәа рацәаны.
Ари аисберг ақәцәа мацароуп. Адезинформациа алазырҵәо арадикалтә партиақәеи аиҿкаарақәеи рфинансркра иахҟьаны NED ахәымгаратә еиҿкаарас ҳаԥхьаӡар ҳалшоит”, – иҩит Папуашвили.