Саломе Зурабишвилии Европа ахеилак амаӡаныҟәгаҩ хадеи Евроеидгыла алаларазы Европа ахеилак адгылара аҵакы иахцәажәеит
Саломе Зурабишвилии Европа ахеилак амаӡаныҟәгаҩ хадеи Евроеидгыла алаларазы Европа ахеилак адгылара аҵакы иахцәажәеит

Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Страсбург Европа ахеилак амаӡаныҟәгаҩ хада Мариа Пеичинович Бурич дылԥылеит. Ахада лпрессмаҵзура аинформациа ала, ишиашоу аиԥылараан Саломе Зурабишвилии Европа азеилак амаӡаныҟәгаҩ хадеи Евроеидгыла алаларазы Европа ахеилак адгылара аҵакы иахцәажәеит.

Аусҳәарҭа аинформациала, Қырҭтәыла ахада Еволра ахеилак аҟны аусеицура аҵакы дазааҭгылан, Қырҭтәыла акандидат статус аиура шақәнаго иазгәалҭеит, ари азы Қырҭтәыла апартниорцәа ҳтәыла европатәи амҩаҿ адгылара азаанарԥшыроуп.

Қырҭтәыла ахада лпрессмаҵзура адыррақәа рыла, Қырҭтәыла ахада иазгәалҭеит иахьа Қырҭтәыла адемократиа аҿиара аполиаризациа ауп изԥырхагоу, ари иахҟьаны иаԥшьылгеит амилаҭтә аиқәшаҳаҭхара апроцесс.

Саломе Зурабишвили Европа ахеилак амаӡаныҟәгаҩ хада Мариа Пеичинович Бурич иҭабуп ҳәа лалҳәеит Қарҭт аҳәса жәларбжьаратәи аконференциа аҽалархәазы, иара убас даалыԥхьеит 2023 шықәсазы иҩынтәны имҩаԥысуа аконференциа ахь.