Саломе Зурабишвилии  Бонни Џьенкинси атәылеи арегиони рҿы имҩаҧысуа апроцессқәа ирылацәажәеит
Саломе Зурабишвилии  Бонни Џьенкинси атәылеи арегиони рҿы имҩаҧысуа апроцессқәа ирылацәажәеит

Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ихаҭыҧуаҩ Бонни Џьенкинс дылҧылеит. Ари аинформациа аланарҵәеит атәыла ахада ладминистрациа.

Саломе Зурабишвилии  Бонни Џьенкинси атәылеи арегиони рҿы имҩаҧысуа апроцессқәа ирылацәажәеит.

«Аиҧылараҿы ишазгәаҭаз ала, Украина имҩаҧысуа аибашьра ҳрегиони, Европеи, адунеи ршәарҭадареи рҭышәынтәалареи азы анырра ду амоуп. Қырҭтәыла Украина иадгылоит, еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла иацхраауеит, ишьақәыргылоу афинанстә санкциақәа ирықәныҟәоит.

Аиҧылараҿы Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы аҭагылазаашьагьы иазааҭгылеит. Иара убас, Амшын еиқәа ашәарҭадареи уи аҿы Қырҭтәыла инанагӡо ароли иалацәажәеит.

Аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәыла европатәи аперспективеи европатәи евроатлантикатәи институтқәа рахь Қырҭтәыла аинтеграциазы инагӡатәу 12 абжьагарақәеи  ирылацәажәеит.

Аиҧылараҿы атәыла ахада,  рашәарамзазы Қарҭ имҩаҧгаз, аҭынчреи ашәарҭадареи азҵаарақәа ирызкыз  Жәларбжьаратәи аҳәса рконференциа  дахцәажәеит», — иануп аинформациаҿы.