Саломе Зурабишвили – Урыстәыла ахатә аҳәаақәа ахьыҟоу адыруазароуп, Қырҭтәыла азҵаара актуалра амазароуп, избанзар, аӡәгьы игәы иаанамгааит Урыстәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа зегьы ирылҵаанӡа ари аибашьра азҵаара ӡбахоит ҳәа

«Қырҭтәыла аҭахуп Урыстәыла, Украинаҟны аҭынчратә аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, Қырҭтәыла аҵакырадгьылгьы иалҵырц», — илҳәеит Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили агентра Bloomberg иалҭаз аинтервиу аҿы.

Зурабишвили лҳәамҭала, Украина аибашьра аҟәыҵра амзызла ирыдыркыло аҭынчратә аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны, Урыстәыла, 15 шықәса инагӡо Қырҭтәыла ампыҵахаларагьы  иаҟәыҵроуп.

«Урыстәыла ахатә аҳәаақәа ахьыҟоу адыруазароуп, Қырҭтәыла азҵаара актуалра амазароуп, избанзар, аӡәгьы игәы иаанамгааит Урыстәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа зегьы ирылҵаанӡа ари аибашьра азҵаара ӡбахоит ҳәа», — илҳәеит Зурабишвили.

Зурабишвили лажәақәа рыла, акапитулиациа аҭагылазаашьақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны мраҭашәаратә партниорцәа  Урыстәыла алҵра наӡа азы аҳәара иқәыдмыргылар, «мраҭашәаратә дунеи даҽа агха дук ҟарҵоит  —  2008-тәи  2014-тәи ашықәсқәа рзы иҟарҵаз агха еиҧшу агха ду ҟарҵоит».