Саломе Зурабишвили – Сара атәыла ахадас шаҟа мшы саанхо сыздырӡом, аха, иахьа аҵыхәтәантәи анашьамҭаҭара мҩаҧызгозаргьы,  Нико Кварацхелиа иан  анашьамҭа лыҭара  сеигәырҕьоит
Саломе Зурабишвили – Сара атәыла ахадас шаҟа мшы саанхо сыздырӡом, аха, иахьа аҵыхәтәантәи анашьамҭаҭара мҩаҧызгозаргьы,  Нико Кварацхелиа иан  анашьамҭа лыҭара сеигәырҕьоит

«Сара атәыла ахадас иҵегьы шаҟа мшы сҟало сыздырӡом, аха, иахьа аҵыхәтәантәи анашьамҭаҭара мҩаҧызгозаргьы,  Нико Кварацхелиа иан анашьамҭа лыҭара алшара сеигәырҕьоит», — илҳәеит Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Орбелианиаа рханаҿ, иахьа уаҟа, Нико Кварацхелиа, иҧсрашьҭахь, Аҳаҭыр амедаль ианашьан.

Саломе Зурабишвили ишылҳәаз ала, иахьатәи амш аҵакы дуи асимволтә ҟазшьеи амоуп.

«Сара атәыла ахадас иҵегьы шаҟа мшы сҟало сыздырӡом, аха, иахьа  аҵыхәтәантәи анашьамҭаҭара мҩаҧызгозаргьы,  Нико Кварацхелиа иан  анашьамҭа лыҭара алшара сеигәырҕьоит. Иахьатәи амш зықәра маҷыз, аха зылшамҭақәа дууз ахаҵа игәаларшәара иазкуп.

Аиашаз, Нико иҭаацәеи иҩызцәеи арыцҳара ду иақәшәеит, аха, иахьатәи амш арыцҳара ду иамшзар сҭахым, избанзар абиҧара ҿыц шгыло збар сҭахуп.

Иара аҳәаанырцә ишизҳаз аадыруеит, уаҟа аҵара далгеит, атәылақәа рацәа дрылсит, абасоуп иахьатәи алабҿабара шыҟоу, аӡәгьы ҭыҧк аҿы даангылар иҭахым. Игыло аҿар ари атәыла дара ишыртәу еилыркаап ҳәа сгәыҕуеит, абра аперспектива шрымоу рдыруазароуп, ҽаџьара аперспектива иашьҭамлароуп. Ҳара, абра иаанхаз, абри аҭагылазаашьазы аҭак зыҧхықәу ахаҿқәа цқьа еилаҳкаароуп ари атәыла агәырҵҟәыл ду змоу аҿар шаҭаху, адунеи ҿыц аҧызҵо аҿар шаҳҭаху. Рыцҳарас иҟалаз, иара иқәра шмыҷыз иҧсҭазаара далҵит, иҟаҵатәыз зегьы ҳара иаҳзаанижьит», — илҳәеит Зурабишвили.