Саломе Зурабишвили Молдова ахада ҭелла длацәажәеит
Саломе Зурабишвили Молдова ахада ҭелла длацәажәеит

Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Молдова ахада  Маиа Санду ҭелла длацәажәеит.

Молдоватәи ареспублика ахада Маиа Санду  Қырҭтәыла адылныҳәалеит аполитикатә кризис алҵра, лара  иаҵшьны иазгәалҭеит мшаҧы 19 рзы аганқәа рыла аиқәшҳаҭра адкылара апроцесс аҿы Саломе Зурабишвили иналыгӡаз ароль.

Аганқәа рхаҭарнакцәа Молдова иҟоу аҭагылазаашьа цәгьа иалацәажәеит. Ахада Зурабишвили ишылҳәаз ала, абри аҭагылазаашьа алҵразы мҩак рыҧшаап ҳәа дгәыҕуеит. Иара убас, Саломе Зурабишвили ишылҳәаз ала, Қырҭтәылеи Молдовеи евроатлантикатәи интеграциа иазку азеиҧш хықәкқәа рынагӡаразы аусеицура алагара рылшап ҳәа дгәыҕуеит.

Аиҿцәажәара аан аковидпандемиеи авакцинациеи ирызку азҵаарақәагьы ирзааҭгылеит.

Ахада Зурабишвили ахада Санду Қырҭтәылаҟа ааҧхьара лылҭеит.