Молдова ахада Маиа Санду Украина даҭааит. Лара Украина ахада Владимир Зеленски диҧылоит, анеҩс, Чернобыль даҭаауеит, уаҟа Чернобыльтәи АЕС аҿы иҟалаз амашәыр инаркны 40 шықәса аҵра инамаданы, усҟан иҭахаз ауаа ҳаҭырла илгәалалыршәоит.
Санду ари авизит иазкны илҩит асоциалтә аҳаҿы.
«Иахьа шьыжьымҭан, Чернобыльтәи атрагедиа инаркны 40 шықәса аҵара инамаданы, Киевҟа сдәықәлоит, уаҟа Украина ахада Владимир Зеленски сиҧылоит, анеҩс, иаҳа идуу арыцҳара аҟынтә Европа ахьчара зхы ақәызҵаз, иара убас, згәабзиара ҧхасҭазтәаз ауаа зегьы ҳаҭырла исгәаласыршәоит», — илҩит Маиа Санду.
Лара лажәақәа рыла, «Чернобыльтәи амашәыр лабҿаба иаанарҧшит акатастрофақәа аҳәаа шрымам, жәларбжьаратәи аидгылара амч ду шамоу. Аҳәынҭқаррақәа зегьы аус еицырур, алҵшәа бзиақәа роур рылшоит. Иахьагьы, Европаҿ аҭынчра ахьчаразы, абри аҩызаҵәҟьа акзаареи агәыҕьреи ҳҭахуп», — илҩить Молдова ахада.