Маиа Санду  — Урыстәыла цәыббразы Молдова имҩаҧысраны иҟоу апарламенттә алхрақәа зеиҧшҟамлацтәи  аҽалархәразы аҽазыҟанаҵоит
Маиа Санду  — Урыстәыла цәыббразы Молдова имҩаҧысраны иҟоу апарламенттә алхрақәа зеиҧшҟамлацтәи аҽалархәразы аҽазыҟанаҵоит

Ашәарҭадара ахеилак аилатәара ашьҭахь Молдова ахада Маиа Санду ишылҳәаз ала, Урыстәыла цәыббразы Молдова имҩаҧысраны иҟоу апарламенттә алхрақәа зеиҧшҟалац ала рҽалагаларазы аҽазыҟанаҵоит.

Санду лҳәамҭала, Кремль, ахатә ауаа апарламент иалаларц азыҳәан, аполитикатә проектқәа рацәа аҧара ду рыланаҵоит.

Молдова ахада лажәақәа рыла, акриптовалиута мацарала  100 миллион  евро аиагара ргәы иҭоуп. Иара убас, аҳәаанырцәынтә адезинформациатә кампаниа амҩаҧгареи ажәлар ргәаанагаразы анырреи ргәы иҭоуп.