Маиа  Санду - Урыстәыла,  аибашьра ацәшәара афактор ахы иархәаны,  ииашамкәа алхра ҟарҵар аҭынчра шырцәыӡуа азы ашьҭымҭа ҟаҵаны,   Қырҭтәыла ахатә орбиташҟа иархынҳәит 
Маиа  Санду - Урыстәыла,  аибашьра ацәшәара афактор ахы иархәаны,  ииашамкәа алхра ҟарҵар аҭынчра шырцәыӡуа азы ашьҭымҭа ҟаҵаны,   Қырҭтәыла ахатә орбиташҟа иархынҳәит 

«Урыстәыла Қырҭтәыла ахатә орбиташҟа архынҳәит», — илҳәеит Молдова ахада Маиа Санду Европа Ахеилак Апарламенттә Ассамблеиаҿы данықәгылоз.

 Санду Урыстәыла агибридтә операциақәа данрылацәажәоз ишылҳәаз ала,  Москва Молдовеи Қырҭтәылеи рганахьала агибридтә жәыларақәа мҩаҧнагеит.

«Молдова мацара акәӡам абри аҩыза апроблемақәа змоу. Европа зехьынџьара абри аҩыза ақәыҕәҕәара ҳбоит. Згәыдурала исҳәар сылшоит жәларбжьаратәи уаажәларра рыбзоурала Молдова ари ақәыҕәҕәара аҿагылара шалшаз.  Ҳуааҧсыра ишьақәдырҕәҕәеит аҭынчреи, Европеи, адемократиеи ишрызгәыку.

Рыцҳарас иҟалаз, адемократиатә принципқәеи европатәи аҧеиҧши ирзықәҧо  ақырҭуа жәлар афырхаҵара ду шрылоугьы,  Урыстәыла,  аибашьра ацәшәара афактор ахы иархәаны,  ииашамкәа алхра ҟарҵар аҭынчра шырцәыӡуа азы ашьҭымҭа ҟаҵаны,   Қырҭтәыла ахатә орбиташҟа архынҳәит», — илҳәеит  Санду.

Молдова ахада лҳәамҭала, Урыстәылазы анеҩстәи ацәҟьарас иҟалеит Шәамахьтәыла.