Маиа  Санду – Урыстәыла Молдова апрезиденттә алхрақәа раҧхьа ҳтәылаҿы  аилаҩынтәра аиҿкаара аҭахуп
Маиа  Санду – Урыстәыла Молдова апрезиденттә алхрақәа раҧхьа ҳтәылаҿы  аилаҩынтәра аиҿкаара аҭахуп

 

Молдова ахада Маиа  Санду ишылҳәаз ала, Урыстәыла Молдова апрезиденттә алхрақәа раҧхьа атәылаҿ аилаҩынтәра аиҿкаара аҭахуп.   Молдова апрезиденттә алхрақәа мҩаҧысраны иҟоуп 2024 шықәса абҵаразы.

«Урыстәыла абраҟа аилаҩынтәра аиҿкаара аҭаххоит ҳәа сгәы иаанагоит, дара абра иҟоу  ауааҧсыра рхы иадырхәоит, ртактикагьы рыҧсахыр ҟалап», — илҳәеит  Санду.

Лара лажәақәа рыла, аконкреттә министррақәа ашәарҭарақәа реиҵатәразы аус руеит.