Саломе Зурабишвили европатәи алидерцәа рахь ааԥхьара ҟалҵеит Қырҭтәыла адгылара азаадырԥшырц
Саломе Зурабишвили европатәи алидерцәа рахь ааԥхьара ҟалҵеит Қырҭтәыла адгылара азаадырԥшырц

Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили европатәи алидерцәа рахь ааԥхьара ҟалҵеит Қырҭтәыла адгылара азаадырԥшырц.

Қырҭтәыла ахада аҳәамҭа “Твиттер” аҿы ҟалҵеит

“Қырҭтәыла Швециа иҭабуп ҳәа анаҳәоит Мрагыларатә Партниорра иабзоураны европатәи аперспектива ахьаҳзаартхаз. Ақырҭуа жәлар европатәи аԥеиԥш алнахит. Ари аҭаацәара ареинтеграциа аамҭа аамит”, – иануп Саломе Зурабишвили Швециа аԥыза-министр Магдалена Андерсон лахь иҟалҵахь ааԥхьара аҿы.

“Қырҭтәыла Ирландиа аҟынтә аиуа еснагьтәи адгылара ахә ибзианы ирдыруеит. Шәшҳадгыло иаабоит”, – иануп Саломе Зурабишвили Ирландиа ахада Маикл Хигинс иахь иҟалҵахь ааԥхьара аҿы.

“Ахьыԥшымра аиҭашьақәыргылара 30 шықәса рышьҭахь, Қырҭтәыла ареформақәа рынагӡара аҭахуп. Ари аӡбамҭа ҳажәлар рзы аҭоурыхтә ҵакы амоуп”, – иануп Саломе Зурабишвили Нидерланды аԥыза-министр Макр Руте иахь иҟалҵахь ааԥхьара аҿы.