Саломе Зурабишвили - Бучаҿ ауааԥсыра мзызда шҭамхаз, Украинеи украинатәи ажәлари хара имгакәа аиааира шырго, аҭынчра шышьақәгыло агәра згоит
Саломе Зурабишвили - Бучаҿ ауааԥсыра мзызда шҭамхаз, Украинеи украинатәи ажәлари хара имгакәа аиааира шырго, аҭынчра шышьақәгыло агәра згоит

Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Буча ахақәиҭтәра инамаданы имҩԥгаз асаммит далахәын, иара убас асаммит иалахәын Словакиеи, Словениеи рхадацәеи, Хорватиа аԥыза-министри.

Агибридтә форматла имҩаԥысуа асаммит “Буча – Урыстәыла аҭакԥхықәра ауп Украинаҿ иҟанаҵаз ацәгьоурақәа рзы” Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабившили авидеааԥхьара ҟалҵеит.

„Шықәсык ҵит Бучаҿ ауаҩытәыҩа иҟазшьа иацәтәыму ахҭысқәа ҟалеижьҭеи, Бучантә аларҵәара зауз афото-видео ҭыхымҭақәа адунеи аршанхеит. Ари ауаҩытәыҩса иҿагыланы имҩаԥгаз аргәаҟреи ацәгьоуреи акәын иҟаз“,- илҳәеит Зурабишвили.

Қырҭтәыла ахада лажәақәа рыла, Қырҭтәылаҿ украинаа рхьа зегь реиҳа ибзианы еилыркаауеит, избан акәзар Қырттәыла аҵакырадгьыл 20% Урыстәыла ала импыҵахалоуп.

„Ахада Зеленски, ақырҭуа жәлар рыхьӡала, даҽазнык адгылара ишәзаасырԥшыр сҭахуп.  Бучаҿ ауааԥсыра мзызда шҭамхаз, Украинеи украинатәи ажәлари хара имгакәа аиааира шырго, аҭынчра шышьақәгыло агәра згоит!

Слава Украини!” – илҳәеит Қырҭтәыла ахада.