Ишәыдысныҳәалоит 2024 Ашықәс ҿыц!
Иахьа зегьы реиҳа ахьылашьцоу аҭыҧантә ишәыдысныҳәалоит. Араҟа аҧсаҵлакгьы ирлашам…Аха, абра, абри ацҟа наҟ-ааҟ изырлашо, зегьы реиҳа ирацәаны, зегьы реиҳа иҧшӡоу аҧсаҵлақәа иҩычазароуп. Абри ацҳоуп ҳаидызкыло, абри ацҳауп аҧсуааи иахьазы астатус занашьоу Қырҭтәылеи еидызҳәало.
Ишәыдысныҳәалоит зегьы реиҳа идуу, зегьы реиҳа иҧшӡоу аҧсаҵла ахьгылоу Орбелианиаа рхан аҟынтә, апрезиденттә ахан аҟынтә ишәыдысныҳәалоит, уи аҳәынҭқарра иасимволуп, ҳакзаара иасимволуп, аҧсуааи, ауаҧсааи, ҳдиаспори, ҳтәылауааи ракзаара иасимволуп. Уи шәара шәыҩноуп, шәара шәҳәынҭқарроуп.
Аха, ҳара иаҳхамшҭроуп 2023 шықәса ауадаҩрақәа рацәа шацыз: Шовии Гуриеи иҟалаз арыцҳарақәа ҳхамшҭроуп, ампыҵахалатә мчқәа есымшатәи рықәыҕәҕәара аҵаҟа импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа ирықәынхо ҳуааҧсыра изҭагыло арыцҳара ҳхамшҭроуп. Абри зегьы ҳхамшҭроуп, ҳара абри аҭагылазаашьа ҳариашарц азыҳәан ҳанхоит. Ари ашықәс хьҳаркушоит агәыҕра дула, 2024 шықәса иаҳа ирацәаны ақәҿиарақәа ҳзаанагап ҳәа ҳгәыҕуеит, ҳакзаара иашықәсхап ҳәа ҳгәыҕуеит.
Раҧхьа иргыланы, агәабзиареи, анасыҧи, ақәҿиарақәеи шәзеиьасшьоит, шәаргьы, ҳтәылагьы.