Саломе Зурабишвили апарламент аҧхьа имҩаҧысуа амитингахь днеит – Аҿагылара иалагеит, аҿыц алхрақәа ҳауаанӡа аҿагылара ҳаҟәыҵуам
Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили апарламент аҧхьа имҩаҧысуа амитингахь днеит.
Уаанӡа, атәыла ахада, Орбелианиаа рханаҿ, адипломатиатә корпуси аоппозициатә партиақәеи рҟны аконсультациақәа мҩаҧылгеит.
«Сара абра сыҟоуп, арҭ ауаа срыдгылоуп. Аҿагылара иалагеит, аҿыц алхрақәа ҳауаанӡа аҿагылара ҳаҟәыҵуам. Абри ауп ахықәкы, аҩныҵҟагьы анҭыҵгьы адгылара ҳамазароуп. Ҳара ҳақәшаҳаҭымхароуп, ҳхьамҵроуп, уи аҿагылароуп», — илҳәеит Саломе Зурабишвили.