Саломе Зурабишвили - Аофициалла Лиетува ашҟа визитла ааразы азинмчы сымамызт, аха ақырҭуа жәлар амандат ахьсырҭаз аҟынтә, ари шыҟаҵатәыз агәра згоит
Саломе Зурабишвили - Аофициалла Лиетува ашҟа визитла ааразы азинмчы сымамызт, аха ақырҭуа жәлар амандат ахьсырҭаз аҟынтә, ари шыҟаҵатәыз агәра згоит

Аофициалла Лиетува ашҟа визитла аана азинмчы сымамызт, аха ақырҭуа жәлар амандат ахьсырҭаз аҟынтә, ари шыҟаҵатәыз агәра згоит, – илҳәеит Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Лиетува ауаажәларратә дырраҭара аинтервиу аҿы.

„Ишыжәдыруа ала, ари авизит қыртәыла аиҳабыра рҟынтә ашьақәырӷәӷәара амамызт. Амзыз еилыскаауам. Уажәы, апарламенти аиҳабыреи ҳамчқәа еидкыланы, аконституциа инақәыршәаны, ҳпартниорцәа игәра дҳаргароуп сынтәа акандидат статус ҳарҭарц азы.Сара исылшо зегь ҟасҵоит. Аофициалла Лиетува ашҟа визитла ааразы азинмчы сымамызт, ари даара саргәамҵуеит, аха ақырҭуа жәлар амандат ахьсырҭаз аҟынтә, ари шыҟаҵатәыз агәра згоит“, – илҳәеит Саломе Зурабишвили.

Ахада аимпичмент апроцедура алагара иазкны азҵаара лзықәдыргылеит.

“Ари сзеилкаауам. Ари апроцесс иалагаз ирылшоит иҟалаз аилыркаара. Аимпичмент апроцедура ихьанҭоу ацәгьоуразы иалагоит – аҳәынҭқарра аԥсахра ма абри еиԥшу аказы. Ахаан исмаҳаӡацт егьырҭ атәылақәа рҿы ахада евроинтеграциа ацхыраара дахьазҿлымҳау азы аимпичмент мҩаԥган ҳәааю Қырҭтәыла ари азҵаара ахбыԥшымра аиура амш инаркны аус аднаулон. Ари сара сзы хықәкы хада ауп, абри ауп Қырҭтәыла ауааԥсыра гәыӷрас ирымоу, ари иадгылоит ауааԥсыра 80%“, – илҳәеит Саломе Зурабишвили.