Саломе Зурабишвили – Абрахь сааны ҳтәыла иаҧырхагахаша ак сҳәоит ҳәа џьоукы ргәы иаанагозҭгьы, урҭ срыздырӡом, цқьа сырдырыр еиҕьуп
Саломе Зурабишвили – Абрахь сааны ҳтәыла иаҧырхагахаша ак сҳәоит ҳәа џьоукы ргәы иаанагозҭгьы, урҭ срыздырӡом, цқьа сырдырыр еиҕьуп

Аганқәа зегьы иҟаҵатәыз ҟарҵазар, иҵабыргны иҳақәнагоу ҳауратәы ашанс ду ҳамоуп, — илҳәеит Саломе Зурабишвили Европарламентаҿ лықәгылара ашьҭахь ажурналистцәа данрацәажәоз.

«Ишыжәдыруа еиҧш, сара соптимиступ. Иаци иахьеи абра имҩаҧызгаз аиҧыларақәа агәыҕра сырҭеит. Уи иаанагом ҳара иҟаҳҵо зегьы ииашоуп, иҟаҳҵаша ҳамам ҳәа. Иҟаҵатәу ибзиаӡаны иаадыруеит», — илҳәеит  Зурабишвили.

Лара лажәақәа рыла, Европатәи ахеилак ахада Шарль Мишели Еврокомиссиа ахада  Урусла фон дер Лаиени, Европарламент ахантәаҩы Роберта Метсолеи  Қырҭтәылаҟа иаараны ишыҟоу ларҳәеит.

«Арҭ ауаа хара имгакәа Қырҭтәыла иаҭааир,  уи иаанагоит дара Қырҭтәыла иазгәааны иҟам ҳәа.   Ҳара уи ҳақәгәыҕны ишакәым ала ҳхы мҩаҧаагар ҟалом.  Абрахь сааны ҳтәыла иаҧырхагахаша ак сҳәоит ҳәа џьоукы ргәы иаанагозҭгьы, урҭ срыздырӡом, цқьа сырдырыр еиҕьуп», — сказала Саломе Зурабишвили.