Саломе Самадашвили - Акандидиат статус Украинеи Молдове мацара рырҭар, изаамҭаным алхрақәа рымҩаԥгара азҵаара иқәҳаргылоит
Саломе Самадашвили - Акандидиат статус Украинеи Молдове мацара рырҭар, изаамҭаным алхрақәа рымҩаԥгара азҵаара иқәҳаргылоит

Акандидиат статус Украинеи Молдове мацара рырҭар, изаамҭаным алхрақәа рымҩаԥгара азҵаара иқәҳаргылоит, – илҳәеит аоппозициаа рдепутат Саломе Самадашвили Иракли Ӷарибашвили иахьа иҟаиҵаз аҳәамҭа данахцәажәоз.

Иахьа Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили аҳәамҭа ҟаиҵеит “Акандидат статус аҵак ду  аха асимволтә ҟазшьа амоуп” ҳәа. Самадашвили лажәақәа рыла, ари аҳәамҭа ирԥхашьагоу ҳәамҭоуп.

“Акандидиат статус Украинеи Молдове мацара рырҭар, изаамҭаным алхрақәа рымҩаԥгара идҵаны иқәсыргылоит. Дара иалырхыз Саломе Зурабишвили аиҳабыра иахәҭоу аусура мҩаҧыргом, атәыла астатус ашәарҭа ҭадыргылеит ҳәа аалыцҳаит. Уаҳа ишәҭахузеи. Евроеидгыла алалара ашанс ҳцәыӡыр ҟалоит. Ӷарибашвили иҟаиҵаз аҳәамҭа ирԥхашьагоу ҳәамҭоуп”, – аалыцҳаит Самадашвили.