Румынтәыла атәылахьчара аминистр урыстәылатәи аракетақәа Румынтәыла аҳаиртә қәыҧшылара еиларгеит ҳәа Валери Залужныи иалаирҵәаз аинформациа мап ацәикит
Румынтәыла атәылахьчара аминистр урыстәылатәи аракетақәа Румынтәыла аҳаиртә қәыҧшылара еиларгеит ҳәа Валери Залужныи иалаирҵәаз аинформациа мап ацәикит

Румынтәыла атәылахьчара аминистр урыстәылатәи аракетақәа Румынтәыла аҳаиртә қәыҧшылара еиларгеит ҳәа Валери Залужныи иалаирҵәаз аинформациа мап ацәикит.

 Румынтәыла атәылахьчаратә усбарҭа адыррала, румантәылатәи арратә маҵзуҩцәа Урыстәыла ала идәықәҵаз аракета  рбеит 35 километр рыла атәыла аҳәаа иацәыхараны.    

иахьа Украина Аҳаиртә мчқәа рҧыза Валери Залужныи ишиҳәаз ала, урыстәылатәи аракетақәа НАТО аҳаиртә қәыҧшылара еиларгеит. Иара иажәақәа, иахьа шьыжьымҭан урыстәылатәи арбџьармчқәа Украина ахырхарҭала идәықәырҵаз амҵәыжәҩатә ракетақәа  «Калибр» Молдовеи НАТО иалоу Румынтәылеи рҳаиртә қәыҧшылара иалалеит.

Залужныи иҳәамҭала, аракетақәа дәықәҵан Амшын еиқәа аҟынтәи.