Қырҭтәылеи Румынтәылеи аоперациа ҷыдақәа рнапхгара Амшын еиқәаҿы азыҟаҵарақәа еицымҩаҧыргеит

16:05, 30.08.2024

Қырҭтәыла Атәылахьчаратә мчқәа  аоперациа ҷыдақәа рнапхгара Мраҭашәаратә баталион амшынтә ашьаҟауаа ргәыҧи Румынтәыла Арбџьармчқәа азкра ҷыдақәа змоу амшынтә ашьаҟауаа ргәыҧи Амшын еиқәаҿы арратә азыҟаҵарақәа еицымҩаҧыргеит. Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистрра.

Аусбарҭа адыррақәа рыла, азыҟаҵарақәа асценари инақәыршәаны имҩаҧган, ҩ-тәылак рырратә маҵзуҩцәа абордаж мҩаҧыргеит.

Аполковник Ҭеимураз Клатеишвили  аруаа қәҿиарала азыҟаҵарақәа рхысра рыдиныҳәалеит. Арҭ азыҟаҵарақәа Қырҭтәылеи Румынтәылеи рпартниортә еизыҟазаашьақәа рырҕәҕәара иазкын.

 

Еиԥшу