Николоз Самхараӡе – Аҵыхәтәантәи 30 шықәса ирылагӡаны Қырҭтәыла ампыҵахалара аҵаҟа иҟоуп, ари аконтекст аҿы ҳара, Аидгыларатә еизыҟазаашьақәа рырҭбаара иазкны Урыстәылеи Аахыҵ Уаҧстәылеи сынтәа лаҵарамзазы ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра ҳақәыӡбоит

14:57, 05.07.2026

«Аҵыхәтәантәи  30 шықәса ирылагӡаны Қырҭтәыла ампыҵахалара аҵаҟа иҟоуп, ари аконтекст аҿы ҳара, Аидгыларатә еизыҟазаашьақәа рырҭбаара иазкны Урыстәылеи Аахыҵ Уаҧстәылеи сынтәа лаҵарамзазы ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра ҳақәыӡбоит», – иҳәеит адәныҟатәи еизыҟазаашьақәа рзы апарламентәт комитет ахантәаҩы Николоз Самхараӡе ОБСЕ Апарламенттә ассамблеиа аполитикатә зҵаарақәеи ашәарҭадареи рзы Акомитет хада  33-тәи есышықәсатәи асессиаҿы данықәгылоз.

Николоз Самхараӡе ишазгәеиҭаз ала, ари адокумент жәларбжьаратә зин еиланагоит.

«Ари адокумент жәларбжьаратә зин еиланагоит, уи Моска аган аҟынтә ампыҵахалареи Қырҭтәыла аҵакырадгьылқәа раннексиеи рырҕәҕәара аҽазкроуп. Жәларбжьаратә уаажәларра, Урыстәылатәи афедерациагьы уахь иналаҵаны, иргәаласыршәар сҭахуп импыҵахалоу арегионқәа ахаҧшьгаратә напхгара рҟны абри аҩыза иарбанзаалак аиқәшаҳаҭра азинтә мчы шамам», — иҳәеит  Самхараӡе.

Иара  «Москватәи амеханизм» даналацәажәоз ишиҳәаз ала, ОБСЕ атәылақәа реиҳара уи иадымгылеит.

« «Москватәи амеханизм» иадҳәаланы даҽа зҵаарак сазааҭгылар сҭахуп. ОБСЕ атәылақәа реиҳара, 34 ҳәынҭқарра  ари ажәахә  иадымгылеит, ари аихшьаала шьақәыдмырҕәҕәеит, убри аҟынтә, ари афакт ҷыдала иазгәаҭатәуп. Убри адагьы, аексперт  заҵәык  71 сааҭ рыла ирмазеиз ажәахә аҿы аиашамрақәеи ахарадҵарақәеи иҟоуп. Аексперт ихаҭагьы иазхеиҵеит ахарадҵарақәа зегьы рзы ашаҳаҭгақәа реизгаразы аамҭа шимамыз. ОБСЕ еснагьтәи ахеилак аҿы ари ажәахә ианахәаҧшуаз, Қырҭтәыла аиҳабыра рпозициа аадырҧшит. Убри аҟынтә, ари ажәахә аҵыхәанӡа ииашоуп ҳәа иҳаҧхьаӡом, избанзар, аексперт ихаҭа иҳәеит ажәахә азы иазхашаз ашаҳаҭгақәа реизгара шилымшаз. Ҳәарада, ҳара ҳаззықәшаҳаҭу абжьагарақәа иҟоуп, урҭ рыхәҭак наҳагӡахьеит. Аха, сара даҽазнык иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп ари ажәахә аҿы агхақәак шыҟоу», — иҳәеит  Николоз Самхараӡе.

Еиԥшу