Маиа Биҭаӡе – Қырҭтәыла аконструктивтә аҭакҧхықәратә партниорс иаанхоит, ҳара арегионалтә аимадареи, иҭышәынтәалоу аҿиареи, Европа аекономикеи рырҕәҕәараҿы алагала аҟаҵара наҳагӡоит

13:59, 05.07.2026

Қырҭтәыла аконструктивтә аҭакҧхықәратә партниорс иаанхоит, ҳара арегионалтә аимадареи, иҭышәынтәалоу аҿиареи, Европа аекономикеи рырҕәҕәараҿы алагала аҟаҵара наҳагӡоит», – илҳәеит аҧсабаратә лагылазааразы апарламенттә комитет ахантәаҩы Маиа Биҭаӡе Гаага имҩаҧгаз ОБСЕ Апарламенттә Ассамблеиа есышықәсатәи асессиаҿы данықәгылоз.

Биҭаӡе ишылҳәаз ала, апартниорраҵәҟьа шьақәгылароуп асуверенитет пату ақәҵареи, аҳәынҭқаррақәа зегьы еиҧшны рызныҟәареи, амилаҭтә цыҧхьаӡа иҟарҵо адемократиатә алхра пату ақәҵареи ашьаҭала.

Асессиаҿы данықәгылоз Маиа Биҭаӡе ишазгәалҭаз ала, аглобалтәи арегионалтә проблемақәа рыӡбара ацынхәрас, аполитикатә мчқәаки абиурократиатә гәыҧқәаки  Қырҭтәыла аполитикатә полиаризациа арҕәҕәара иазҿлымҳауп.

«Абри аҩыза аӡнеишьа адемократиеи жәларбжьаратәи аусеицуреи арҕәҕәом. Абри аҩыза азнеишьа жәларбжьаратәи аинститутқәа рахь, ОБСЕ ахьгьы, агәрагара армаҷуеит, убри амшала Қырҭтәыла ауааҧсыра жәларбжьаратәи аинститутқәа рахь агәрагара рацәмаҷхеит. Аха, Қырҭтәыла аконструктивтә аҭакҧхықәратә партниорс иаанхоит, ҳара арегионалтә аимадареи, иҭышәынтәалоу аҿиареи, Европа аекономикеи рырҕәҕәараҿы алагала аҟаҵара наҳагӡоит», – илҳәеит Маиа Биҭаӡе.

Еиԥшу