Румынтәыла аҵакырадгьылаҿ, Украина аҳәаа  иазааигәаны адрон каҳаит
Румынтәыла аҵакырадгьылаҿ, Украина аҳәаа  иазааигәаны адрон каҳаит

Румынтәыла аҵакырадгьылаҿ, Украина аҳәаа  иазааигәаны адрон каҳаит. Румынтәалтәи амедиа ари аинформациа аланарҵәеит Румынтәыла Атәылахьчара аминистрра адырра шьаҭас иҟаҵаны.

Адрон ахәҭақәа  ақыҭанхамҩатә дгьыл иақәҳаит.

Атәылахьчара аминистрра адыррала, ари афакт иадҳәаланы аусеилыргара иалагеит.

Украинатәи амедиа адыррақәа рыла, зыӡбахәы ҳәоу  адрон Урыстәыла иатәын, уи Украина ахырхарҭала идәықәҵаны, аха, иҧхасҭахан,  икаҳаит.