Реџьеп  Таип Ердоҕан  Владимир  Зеленски урыстәыла-украинатәи аибашьра иазкны диацәажәеит
Реџьеп  Таип Ердоҕан  Владимир  Зеленски урыстәыла-украинатәи аибашьра иазкны диацәажәеит

Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп  Таип Ердоҕан  Украина ахада Владимир  Зеленски урыстәыла-украинатәи аибашьра иазкны диацәажәеит. Ари атәы аарыцҳаит аҭырқәа АИХ.

Дара рдыррақәа рыла, Ердоҕан Украина ахада диацәажәеит урыстәыла-украинатәи аибашьреи Амшын еиқәа ала ачарыц аекспорт азы ишәарҭам акорридорқәа раҧҵареи иазкны.

Ердоҕан ишиҳәаз ала,   Украина аҭынчра ашьақәыргылароуп уажәазы зегьы реиҳа ииҭаху, иара убас, ишазгәеиҭаз ала,  адунеитә џьармыкьашҟа украинатәи ачарыц аекспорт иазку ЕАР аплан аус адулара иаҿуп.

Аамҭакала, Ҭырқәтәыла ахада иаҵшьны иазгәеиҭеит Урыстәылеи Украинеи реизыҟазаашьақәа адипломатиатә мҩала аҭыҧ ишықәҵатәу, убри азыҳәан  аиҿцажәарақәа шымҩаҧгатәу. Ердоҕан иҳәамҭала, ари аус аҿы аганқәа рыцхраара дазыхиоуп,  стамҧылтәи апроцесс аиҭалагаразы абжьацәажәара алагьы.