Реџьеп Тaип Ердоҕaн инaпы aҵaиҩит Аиa Софиa aџьaaмaхaрa иaзку ақәҵара
Реџьеп Тaип Ердоҕaн инaпы aҵaиҩит Аиa Софиa aџьaaмaхaрa иaзку ақәҵара

Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Тaип Ердоҕaн инaпы aҵaиҩит Аиa Софиa aџьaaмaхaрa иaзку ақәҵара. Ари атәы аанацҳаит Роитер.

Ердоҕан адокумент Твиттер аҿы алаирҵәеит.

“Ҭырқәтәыла Аҳәынҭхеилак ишьақәнарӷәӷәеит Аиа-Софиа Асулҭан Мехмет Хан ихьӡ зху Афонд абаланс аҿы иҟоуп, убри инадҳәаланы џьаамак аҳасаб ала ахархәара ҟалоит”, – ҳәа ирыдыркылаз аӡбамҭа ахҳәаа ааргоит.

Аԥшьа Софиа луахәама иргылеит ақьырсиан император Иустиниан ԥхынҷкәын 27, 537 шықәса рзы. Зқьышықәса инарзынаԥшуа ауахәама ақьырсиан дунеи аҿы иреиҳау уахәаманы иԥхьаӡан.

Уаанӡатәи адыррақәа рыла, Ҭырқәтәыла аҳәынҭхеилак иаԥнахит 1934 шықәса рзы ауахәама музеизааит ҳәа иҟаҵаз аусӡбара. Ҭырқәтәыла ААР ахада Мевлиут Чавушоӷлу аҳәамҭа ҟаиҵахьан атәылаҿ ауахәама астатус аԥсахразы азин шыҟоу, егьырҭ атәылақәа ргәаанагара иазхьамԥшыкәа.  Аԥшьа Софиа луахәама Константинополь османаа ианрымпыҵархала, Византиатәи аимпериа анеилаҳа ашьҭахь, 1453 шықәса рзы иџьаамоуп ҳәа азҳәан. Аха 1934 шықәса рзы Кемаль Ататиурк иусдҵала амузеи ҳәа астатус аҭаны UNESCO Адунеизегьтәи аҭынха асиа иаҵаркын.