Реџьеп Таип Ердоҕан  - Ҳәарада, Украина НАТО алахәызаара ахәҭоуп
Реџьеп Таип Ердоҕан  - Ҳәарада, Украина НАТО алахәызаара ахәҭоуп

Ҭырқәтәыла ахада иҳәамҭала, Украина НАТО алахәызаара ахәҭоуп. Реџьеп Таип Ердоҕан ари аҳәамҭа ҟаиҵеит  Владимир Зеленскии иареи Стампыл еицымҩаҧыргаз апроесс-конференциаҿы.

«Ҳара еснагь Украина ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи ҳадгылон. Украина НАТО алахәызаара ахәҭоуп. Насгьы, иахьа, абра шәшыҟоу, иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп аҭынчра иаша ашьақәыргылара ала аӡәгьы дшаҵамхо», — иҳәеит Ердоҕан.

Иара убас, Ердоҕан ишиҳәаз ала, Ҭырқәтәыла наҟ-наҟгьы Украина иацхраауеит. Иара ишазгәеиҭаз ала, Ҭырқәтәыла иалшо зегьы ҟанаҵоит аиҿцәажәарақәа рыла, жәларбжьаратәи анормақәа рышьаҭала аибашьра аҟәыҵразы.

Иара убас, Ердоҕан ишиҳәаз ала, нанҳәазы Путин Ҭырқәтәыла даҭаауеит.

«Арыцтәи аиқәшаҳаҭра» иадҳәаланы Ердоҕан ишиҳәаз ала, аиқәшаҳаҭра аҿҳәара хымз ацырҵап ҳәа дгәыҕуеит.